Александр Лукашенко Владимир Путин иҟны аиԥылараҿ иҟаиҵаз аҳәамҭала,"Вагнер" аибашьцәа иара Польша "аекскурсиахь" ацара иҳәоит
Александр Лукашенко Владимир Путин иҟны аиԥылараҿ иҟаиҵаз аҳәамҭала,"Вагнер" аибашьцәа иара Польша "аекскурсиахь" ацара иҳәоит

Беларус ахада Александр Лукашенко Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟны аиԥылараҿ иҟаиҵаз аҳәамҭала,”Вагнер” аибашьцәа иара Польша “аекскурсиахь” ацара иҳәоит.

Иажәақәа рыла, “вагнераа” мраҭашәарахь “аекскурсиахь” ацара ахьырҭаху, “иҭынчым”.

“Сымҳәаргьы ҟаларын, аха “вагнераа” агәыҭынчымраҳзаадырԥшуеит.”Мраҭашәарахь ҳҭахуп. Азин ҳащәҭ” ҳәа. Мраҭашәараҿ ишәцәыӡи ҳәа сразҵааит? “Варшвеи, Жешуви рахь аекскурсиала ҳцар иаҳҭахуп ҳәа, сарҳәеит”, – иҳәеит Лукашенко аиԥылараҿ.

Лукашенко иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭрала, хаҭалатәи арратә гәыԥ “Вагнер” аибашьцәа Беларус агәҭанытәи ахәҭаҿы иҟоуп, мраҭашәарахь урҭ риагара иҭахым.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Путин иҟны аиԥыларахь Лукашенко польша аратә хәҭақәа Беларус аҳәаа ааигәара игылоуп ҳәа зныԥшуа ахсаала наигеит. Лукашенко иажәақәа рыла, польшатәи арратә хәҭәақәа Брести Гроднои рааигәара гылоуп.