Польшатәи аган аинформациала, Урыстәылантә Украина ахрыхарҭала ишьҭыз ракетак Польша аҳауатә қәыԥшылара еиланагеит
Польшатәи аган аинформациала, Урыстәылантә Украина ахрыхарҭала ишьҭыз ракетак Польша аҳауатә қәыԥшылара еиланагеит

Польша абџьармчқәа ринформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәылантә Украина ахрыхарҭала ишьҭыз аракетақә руакы Польша аҳауатә қәыԥшылара еиланагеит.

Аракета Польша аҳауатә қәыԥшылараҿ 39 секундк иҟан.

„Хәажәкыра 23 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырантә ишьҭыз ракетак Польша аҳауатә қәыԥшылара еиланахеит. Аракета Украина ақалақьқәа рхырхарҭала ишьҭын“, – аарыцҳаит Польша аоперативтә мчқәа рыштаб аҟынтә.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, арратә радартә системақәа рыла аракета атраекториа аконтроль азыруон.