Володимир Зеленски - Польша аҳәааҿ иҟоу аҭагылазаашьа аекономикеи аморали рҳәаақәа ирхыҵит
Володимир Зеленски - Польша аҳәааҿ иҟоу аҭагылазаашьа аекономикеи аморали рҳәаақәа ирхыҵит

Польша аҳәааҿ иҟоу аҭагылазаашьа аекономикеи аморали рҳәаақәа ирхыҵит, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски.

“Ҳара Польша аҳәааҿ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара ҳалшароуп, уи аекономикеи аморали рҳәаақәа ирхыҵит. Ашьа ахькаҭәо атәыла иҭагылоу ауадаҩра аҩныҵҟа-аполитикатә ақәԥаразы ахархәара ишԥарылшо сзеилкаауам. Аха ари аҿагыларагьы ҳалошоит. Украина ахықәкы анагӡареи Урыстәыла атерор аҭархареи алоит. Ҳаидгыланы ари ҳалшоит”, – иҳәеит Зеленски.

Украина аҳәынҭқарратә ҳәаатә маҵзура аинформациала, афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аблокада рзууп. Аидаратә машьынақәа рзы амҩа аблокада польшатәи аферменцәа азыруит. Аҳәааҿ игылоуп 24 аидаратә машьына. Амашьынақәа зегь реиҳа ирацәаны игылоуп оужьҭратә пункт “Краковеци” “Иагодинои” рҿы. Автобусқәеи амашьына ласқәеи аиҭҵра рылшоит.