Аекзитполқәа рыла, Польша, ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы, аԥыжәара амоуп аоппозициатә партиа "Азакәани аиашеи"
Аекзитполқәа рыла, Польша, ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы, аԥыжәара амоуп аоппозициатә партиа "Азакәани аиашеи"

Аекзитполқәа рыла, Польша, аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рҿы аԥхьагылара аоппозициатә партиа “Азакәани аиашеи” амоуп.

IPSOS имҩаԥнагаз аекзитполқәа рыла, апартиа “Азакәани аиашеи” абжьқәа 33.7% аиуит. Атәыла аԥыза-министр Дональд Туск ипартиа “Атәылауаҩратә коалициа” –  31.9%. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит апартиа “Ахԥатәи амҩа” – 13.5%, “Армаратәиқәа” 6.8% роуит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, алхрақәа рылҵшәқәа Дональд Туск имч арӷәӷәара иаԥырхагахоит.

Дональд Туск атәыла аԥыза-министр иҭыԥ ԥшьымз раԥхьа ааникылеит.