Александр Лукашенко инапы аҵаиҩит ԥасатәи ахада икьымсра еснагьтәи агарантиақәа иҭара иазку азакәан
Александр Лукашенко инапы аҵаиҩит ԥасатәи ахада икьымсра еснагьтәи агарантиақәа иҭара иазку азакәан

Беларус ахада Александр Лукашенко инапы аҵаиҩит ԥасатәи ахада икьымсра еснагьтәи агарантиақәа иҭара иазку азакәан, – аанацҳаит “Доиче велле”.

Аԥсахра иалалеит “Беларустәи Ареспублика ахада изку” азакәан, урҭ рыла ахада ҿыц иалхра аҵасқәа џбьарахоит. Аԥсахра инақәыршәаны, ахада иҭыԥ ахь акандидат 40 шықәса еиҳаны ихыҵуазароуп, аҵыхәтәантәи 20 шықәса ирылагӡаны Беларус дынхароуп, егьырҭ атәылақәа ртәылауаҩра имамзароуп.

Иара убас ахада еснагьтәи акьымсразы аиммунитет имоуп.  Анапынҵақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, ахада иҭыԥ аҿы даныҟаз аамҭазы идикылаз аӡбарақәа рзы ихьырхәра ҟалом.Ашәарҭадаратә гарантиақәа ахада иҭаацәара алахәылацәа зегьы роуеит.