Александр Лукашенко ишааицҳаз, урыстәылатәи агәыцәт бџьар Беларус идыргылахьеит
Александр Лукашенко ишааицҳаз, урыстәылатәи агәыцәт бџьар Беларус идыргылахьеит

Беларус ахада Александр Лукашенко ишааицҳаз, урыстәылатәи агәыцәт бџьар Беларус дыргылахьеит. Ари атәы аанацҳаит беларустәи акьыԥхь “Зеркала” Беларус ахада ипрессмаҵзура аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Кыраамҭа аԥхьа ишысҳәахьаз, абџьар ҳауит. Цәыббра-жьҭааразы. Жьҭаара анҵәамҭазы апроцесс ихыркәшан”, иҳәеит Лукашенко.

Рашәара 6 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин ишааицҳаз, Беларус агәыцәтә бџьар актәи ахәҭа наргеит. Путин ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи аиадертә бџьар Беларус идыргылоит аобиектқәа андырмазеилак ашьҭахь.