Америка аҳәынҭқарратә департамент  - Америка агәыҕра амоуп атәыла цыҧхьаӡа егьырҭ  атәылақәа ихьыҧшым рҳаиртә қәыҧшылара патуқәҵарала иазныҟәап ҳәа
Америка аҳәынҭқарратә департамент  - Америка агәыҕра амоуп атәыла цыҧхьаӡа егьырҭ  атәылақәа ихьыҧшым рҳаиртә қәыҧшылара патуқәҵарала иазныҟәап ҳәа

Америка аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә хаҭарнак  Метиу  Миллер  Беларус ала Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара афакт дахцәажәеит. Миллер ишиҳәаз ала,   Америка агәыҕра амоуп атәыла цыҧхьаӡа егьырҭ атәылақәа ихьыҧшым рҳаиртә қәыҧшылара патуқәҵарала иазныҟәап ҳәа.

«Польша аиҳабыра ари афакт иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.  Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп  атәыла цыҧхьаӡа егьырҭ  атәылақәа ихьыҧшым рҳаиртә қәыҧшылара патуқәҵарала иазныҟәап ҳәа. Ҳара НАТО ашәарҭадара хшыҩзышьҭрала ҳазныҟәоит», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак.

Иара убас,  Миллер ишиҳәаз ала, уажәтәи аетапаз НАТО  5-тәи ахәҭаҷ ахархәара аҭахым.