Польша Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Польша Беларус аҳәашҟа 10 000-ҩык аруаа рышьҭра аҭахуп
Польша Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Польша Беларус аҳәашҟа 10 000-ҩык аруаа рышьҭра аҭахуп

Польша Беларус аҳәашҟа 10 000-ҩык аруаа рышьҭра аҭахуп, – иҳәеит Польша Атәылахьчара аминистр Мариуш Блашак.

Польша Атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, аминистрра ар Беларус аҳәаашҟа ар дәықәнаҵоит агрессор иаанкыларазы, Польша ажәыла аӡәгьы иҭахымхар.

„Аҳәаашҟа ҳашьҭуеит 10 000-ҩык аруаа: 4000-ҩык аҳәааҿ игылазаауеит, 6000-ҩык арезерв аҿы иҟазаауеит. Беларустәи агьежьԥрыгақәа рыла Полшьа аҳауатә қәыԥшылара аилагара ипровокациан. Беларус иҟоу ахҭысқәа Урыстәыла ауп напхгара ззызуа”, – иҳәеит Блашак.