Лукашенко иажәақәа рыла, Украина имҩаԥысуа "иҷыдоу арратә аоперациа" иалахәып, аха амобилизациа мҩаԥнагом
Лукашенко иажәақәа рыла, Украина имҩаԥысуа "иҷыдоу арратә аоперациа" иалахәып, аха амобилизациа мҩаԥнагом

Беларус ахада Александр Лукашенко иажәақәа рыла, Украина имҩаԥысуа “иҷыдоу арратә аоперациа” иалахәып, аха амобилизациа мҩаԥнагом. Ари атәы Лукашенко арратә шәарҭадара азҵаарақәа рзы имҩаԥгаз аилатәараҿ ааицҳаит.

Лукашенко иажәақәа рыла, беларусаа ақәԥарақәа ирылахәым.

“Ҳара аӡәгьы иаҳшьуам. Ҳаруаа џьаргьы иоуҳашьҭум. Ҳхыдҵақәа еилаҳгом”, – иҳәеит Лукашенко.