Польшатәи азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистри ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи  
Польшатәи азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистри ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи  

АИХқәа рдыррақәа рыла,  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистр  Мариуш Каминскии ҧасатәи иҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Мацеи Васики атәыла ахада Анџьеи Дуда иханаҿ рҽырҵәахуан.

Апрезиденттә ахан аҧхьа 300ҩык раҟара атәылауаа аполитикцәа раанкылара иаҿагыланы акциа мҩаҧыргон. Уаанӡа, атәыла аҧыза-министр  Дональд Туск атәыла ахада  Анџьеи Дуда ихараиҵеит аполитикцәа раанкылара аҧырхагахара.

Каминскии Васики амчра цәгьашақә ахархәаразы рус рыӡбеит 2007 шықәсазы.  2015 шықәсазы Анџьеи Дуда дара ашьауҕа рықәихит, аха, ҵыҧх, рашәарамзазы Польша Иреиҳаӡоу аӡбара ала арҭ аполитикцәа ашьауҕа рықәхра иазку аӡбара аҧыхын.  Ҧхынҷкәын анҵәамҭаз Варшаватәи аокругтә аӡбарҭа ҩышықәса аҭакра рықәнаҵеит.