ЕАШ 14-ҩык асенаторцәа - Азакәанпроект рыдыркылар, ЕАШ Қырҭтәыла аганахьала апозитика аԥсахыр ҟалап
ЕАШ 14-ҩык асенаторцәа - Азакәанпроект рыдыркылар, ЕАШ Қырҭтәыла аганахьала апозитика аԥсахыр ҟалап

Қырҭтәылаҟны кыршықәсатәи аиҩызара ҳабжьоуп, уи аҟнтә урыстәылатәи астиль змоу атәымтә агентцәа ирызку азакәанпроект иадҳәаланы шәеиҳабыра аднакылаз аӡбара иазкны ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит, — иануп ЕАШ Аконгресс аҩадатәи палата  – Асенат 14-ҩык алахәылацәа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе изаарышьҭыз ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәы ишану ала, ЕАШ-и Қырҭтәылеи, ақырҭуа жәлари рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит.

Асенаторцәа ражәақәа рыла, Қырҭтәыла Урыстәыла анырра цәгьа, ақәыӷәӷәара аҵаҟа иҟоуп. Ашәҟәы ишану ала, атәымтә агенрцәа ирызку азакәан адкыара Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа ԥхасҭанатәар алшоит. Ашҟәы рнапы аҵарҩуеит 14-ҩык асенаторцәа: Џьин Шахин, Џьим Риш, Бен Кардин, Линдси Грем, Крис Кунс, Пит Рикеттс, Ричард Дурбин, Роџьер Уикер, Ричард Блиументал, Том Тиллис, Тим Кеин, Ден Салливан, Шелдон Уаиҭҳаус, Мартин Хаинрик.