Владимир Зеленски - "Вагнер" агыларазы Путин иҟаиҵаз ақәҿыҭра ҧсыҽын, Урыстәыла ахада ижәлар рхылаҧшра алшара ицәыӡуеит
Владимир Зеленски - "Вагнер" агыларазы Путин иҟаиҵаз ақәҿыҭра ҧсыҽын, Урыстәыла ахада ижәлар рхылаҧшра алшара ицәыӡуеит

«”Вагнер” агыларазы Путин иҟаиҵаз ақәҿыҭра ҧсыҽын, Урыстәыла ахада ижәлар рхылаҧшра алшара ицәыӡуеит», — иҳәеит Украина ахада  Владимир Зеленски  CNN иеиҭаз аинтервиу аҿы.

«Ҳара иаабеит иара ахҭысқәа зегьы дшырхыламҧшуа.  «Вагнер» Урыстәыла агәҭанынӡа инеины, регионқәак ргеит, уи шыуадаҩым аабеит. Путин арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа дзахылаҧшуам. Имчра акаҳара иаҿуп», — иҳәеит  Владимир Зеленски.