Украина арбџьармчқәа рштаб хада ақәҧарақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит  
Украина арбџьармчқәа рштаб хада ақәҧарақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит  

Урыстәыла арратә жәылара аҿагылара аабатәи амш инагӡоит. Иаха ампыҵахалатә мчқәа  ақалақь дуқәа еиҭах абомбақәа рыларыжьит, — аҭыҧантәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Украина арбџьармчқәа рштаб хада адырра шьаҭас иҟаҵаны.

«Украина арбџьармчқәа ақалақьқәа рыхьчареи аконтржәылареи,  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы ампыҵахалаҩцәа рымчқәа рықәхреи нарыгӡоит», — иануп аҳасабырбаҿы.

Аштаб аинформациала, анҭыҵтәи алогистикатә лагерқәа еиҿкаауп. Аурыс ампыҵахалаҩцәа Киев аҩадатәи аган аҟынтә ақалақь иалалар рҭахуп.  АИХ адыррақәа рыла,  аурыс аруаа  Чернигови, Нежини, Сумахи, Лебединеи, Ахтыркеи ақәҿиара рымамызт.

«Аурыс арбџьармчқәа Бровари Киеви ржәылара рҽазыркит. Киеви Украина егьырҭ ақалақьқәеи абомбақәеи аракетақәеи рыларыжьуеит», — иануп Аштаб хада адырраҿы.

«Амшын еиқәа аҿы аҕа ифлот атәылауаҩратә аҕбақәа иреихсуеит, амшынуаа атҟәара иргоит.  Адесанттә аҕбақәа ҧшьбеи аракетатә катерқәа хҧеи Одесса ахырхарҭала еиҭаҵуеит.  Анхарҭатә пункт Баловное иазааигәаны адесант лбааргеит,  аха, украинатә абџьармчқәа урҭ иқәырхит», — иануп аҳәамҭаҿы.