Урыстәылатәи арбџьармчқәа  30 км. рыла Львов иацәыхароу Иаворовтәи аполигон иаахеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа  30 км. рыла Львов иацәыхароу Иаворовтәи аполигон иаахеит. Украинатәи АИХ ишаарыцҳаз ала аполигон аларыжьит 8 ракетак.

Иаворовтәи аполигон аахарала ампыҵахалаҩцәа аадырҧшыр рҭахуп Украина аҵакырадгьыл аҿы ишәарҭам ҭыҧк иҟамзшәа, – иҳәеит Украина аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ Вадми Денисенко.

Урыстәыла ала Украина ажәылара инаркны раҧхьаӡа акәны Львовтәи атәылаҿацә аҿы аҧжәара ҟалеит.