Америка Хельсинктәи акомиссиа Џьо Баиден иахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи Қырҭтәылеи иранеишьарц НАТО адгылаҩ хада истатус
Америка Хельсинктәи акомиссиа Џьо Баиден иахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи Қырҭтәылеи иранеишьарц НАТО адгылаҩ хада истатус

 Америка Хельсинктәи акомиссиа Џьо Баиден иахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи Қырҭтәылеи иранеишьарц Алианс иалам, аха НАТО  адгылаҩ хада истатус. Иашьашәалоу ашәҟәы аланарҵәеит аҭыжьымҭа Foreign Policy.  Ашәҟәы рнапы аҵарҩит аконгрессменцәа  Стив Коени, Џьо  Уилсони,  Ричард Хадсони.

Ира убас, америкатә азакәанҧҵаҩцәа  Америка администрациа рахь ааҧхьара ҟарҵеит  НАТО ахь алалара апроцесс аҿы Украинеи Қырҭтәылеи рыдгылара дырҕәҕәарц.

Аконгрессменцәа Америка ахада иҳәоит Украинеи Қырҭтәыла НАТО ашҟа ралаларазы иаҳа алҵшәа зхылҵша ашьаҿақәа ҟаиҵарц.

Аконгрессменцәа ргәаанагарала, Америка аган адгылара усҟак ахьыҕәҕәам амшала, Путин ихатә неоколониалтә   хықәкқәа  наигӡар ауеит.

«Америка Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ахь ралалара апроцесс иаҳа активла иадымгылар, Путин ихықәкы анагӡаразы  ихатә ҧыжәара ахархәара даҿызаауеит  — иара европатәи ашәарҭадареи аусеицура аарҳәреи ихатә неоколониалтә политика анагӡареи ауп хықәкыс имоу», — иануп ашәҟәы аҟны.