Украина иҭахаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсыбаҩқәа аҧсадгьылахь иааргеит
Украина иҭахаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсыбаҩқәа аҧсадгьылахь иааргеит

Украина иҭахаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа Гиа Бериашвилии Давиҭ Ратиании рыҧсыбаҩқәа аҧсадгьылахь иааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ еизаз баша атәылауаа ақырҭуа фырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҳаирбаҕәазаҿ дыҟан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили. Лара иҭахаз афырхацәа руацәа дрыдашшылеит.

Ақырҭуа аибашьцәа Гиа Бериашвилии Давиҭ Ратиании Ирпень ақалақь аҿы иҭахеит. Дара арратә ҳаҭырла анышә иамардоит.