Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа аахақәа шроуз азы аинформациа амоуӡацт
Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа аахақәа шроуз азы аинформациа амоуӡацт

Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа аахақәа шроуз азы аинформациа амоуӡацт, ҳара ишьақәырҕәҕәоу аинформациа ҳамам, — иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа  Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.

Иара иажәақәа рыла, иахьагьы анеҩстәи амшқәа рзгьы Тель-Авивнтә Қарҭи Баҭыми ахырхарҭала ареисқәа мҩаҧгахоит.

«Иахьа, асабшаз,  Тель-Авивнтә Қарҭҟа 2 реиск мҩаҧысуеит. Амҽышазы 3 реиск ҟалоит. Анеҩстәи амшқәа рзы Баҭымҟагьы ареис мҩаҧысуеит. Уажәазы  иҳамоу адыррақәа рыла,  атерракт амшала Израиль иҭахеит  1400ҩык иреиҳаны. Аха, иҭахаз зегьы макьана рыхьӡқәа еилкаам. Атерракт аан иҭахеит ма ахәрақәа роуит  36 ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа», — иҳәеит Лаша Жваниа.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы аиҿагылара  мҩаҧысуеит Ҕаза асектораҿ. Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Ҕаза асектораҿ Қырҭтәыла атәылауаа иҟам.