Женеватәи аиҿцәажәарақәа иалагаанӡа Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Аббас Арагчи ишиҳәаз ала, Израиль Иран аганахьала ажәылақәа ахьынӡамҩаҧнаго, Тегеран изакәызаалак ганк ирацәажәом
Женеватәи аиҿцәажәарақәа иалагаанӡа Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Аббас Арагчи ишиҳәаз ала, Израиль Иран аганахьала ажәылақәа ахьынӡамҩаҧнаго, Тегеран изакәызаалак ганк ирацәажәом.
Иахьа ирантәи адипломат, адеескалациа азҵаара алацәажәаразы, Германтәылеи, Франциеи, Британиа Дуи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа дырҧылоит.
Арагчи ишазгәеиҭаз ала, Америка аиҿцәажәарақәа ирзыхынҳәыр аҭахын, аха, Тегеран ари ажәалагалазы мап ркит.
«Израиль ахатә агрессиа иаҟәыҵаанӡа Америкаҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагом», — иҳәеит Арагчи.
Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала, Вашингтон – Иран иаҿагыланы Израиль иҟанаҵо ацәгьаурақәа ирылахәып.