Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа – Израиль аҳаирбаҕәазақәа рнапхгара ишаарыцҳаз ала, Бен Гуриони Ҳаифаси аҳаирбаҕәазақәа абжьааҧнытә режимла аусура еиҭалагеит
Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль аҳаиртә қәыҧшылара аартра иадҳәаланы Израиль аҳаирбаҕәазақәа рнапхгара иҟарҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит.
„Израиль аҩныҵҟатәи афронт анапхгара рықәшаҳаҭра ашьаҭала, Израиль аҳаирбаҕәазақәа рнапхгара аарыцҳауеит Бен Гуриони Ҳаифаси аҳаирбаҕәазақәа абжьааҧнытә режимла аусура ишалаго!
Апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара иадҳәаланы иҟаз аҧкрақәа зегьы иаҧыхуп.
Израиль аҳаирбаҕәазақәа радминистрациа, излауа ала ирласны ареисқәа зегьы реиҭашьақәыргылара амзызла, авиаеилахәырақәа зегьы рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп“, – иануп аҳәамҭаҿы.