Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа рыдыркылеит
Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа рыдыркылеит

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа рыдыркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа.

Дара рдыррақәа рыла, Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвили Аҩадатәи Америка иҟоу ақырҭуа епархиа аепископ Саба Инҵкирвелии, Вашингтон иҟоу ақырҭуа ауахәама аҭааҩцәа рыҧхьагылаҩ, адикәан Павле Зақариеи, Григол Ҧераӡе ихьӡала Филадельфиа иҟоу ақырҭуа культура ацентри адиаспореи ахаҭарнакцәеи дырҧылеит.

„Аиҧылараҿы ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи акультуратә аимадарақәа рырҭбаареи аҵаки ари апроцессаҿ аиашахаҵаратә уахәама инанагӡо ароли  иалацәажәеит“, – иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.