Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвили Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвили Америка Аҳәынҭқарратә Департамент ахаҭарнакцәа – аполитика апланҟаҵаразы абжьгаҩ еиҳабы Џьонатан Асконаси иҷыдоу ацхырааҩ Чарльз Иокки – Америкатәи Аидгылаҿы иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы дырԥылеит. Абри атәы Америка иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә еимадарақәа рҿы адырра ҟанаҵеит.
Ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵаз адыррақәа рыла, Қырҭтәылатәи аган Америкеи дареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ишазыхиоу даҽазныкгьы иазгәанаҭеит, иара убасгьы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара астратегиатә еиҩызара арҿыцра аҵакы ду шамоу азгәанаҭеит.