Ҭамар Талиашвили асенатор  Марквеин Малин диҧылеит  
Ҭамар Талиашвили асенатор  Марквеин Малин диҧылеит  

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Ҭамар Талиашвили асенатор Марквеин Малин диҧылеит.

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәалҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿиара аус аҿы асенатор Малин иҟаиҵо алагала ду.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аҭагылазаашьеи Дональд Трамп иҭынчратә инициатива аҵаки иалацәажәеит.