Ҭамар Талиашвили,  Марко Рубио иааҧхьарала, Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә лхы алалырхәит
Ҭамар Талиашвили,  Марко Рубио иааҧхьарала, Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә лхы алалырхәит

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвили,  Марко Рубио иааҧхьарала, Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә лхы алалырхәит. Ари аинформациа аланарҵәеит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа.

Ацҳаражәҳәарҭа аинформациа ишану ала, адкылараҿы иҟан Америка ахада иадминистрациа ахаҭарнакцәеи, адоуҳатә хаҿқәеи, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи.

Урҭ дреиун Жәларбжьаратәи арелигиатә хақәиҭразы Америкатә Комиссиа ахантәаҩы ҿыц Вики Хартцлер. Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ данлацәажәоз, иаҵшьны иазгәалҭеит атәылақәа реизыҟазаашьақәа хымҧада ишырҭбаатәу.

Ари аусмҩаҧгатә мҩаҧган Константинопольтәи Архиепископ, Адунеизегьтәи Апатриарх Варфоломеи I иаҳаҭыр аҟынтә.