Рио-де-Жанеиро иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа азҧхьагәаҭаны, Бразилиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа агәыҽанызаара рабжьанагоит
Рио-де-Жанеиро иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа азҧхьагәаҭаны, Бразилиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа агәыҽанызаара рабжьанагоит

Рио-де-Жанеиро иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иазҧхьагәаҭаны, Бразилиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа ргәҽанызаара рабжьанагоит

 

Бразилиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа ҷыдала  ргәы рҽанызарц ирыбжьанагоит. Ари атәы иануп ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

«Азинхьчаратә органқәа  Рио-де-Жанеиро имҩаҧыргаз зымҽхак дуу аоперациа иадҳәаланы,  ақалақь аҿы аҭагылазаашьа цәгьа иазҧхьагәаҭаны  (аиҭаҵра аҧкра,   авиареисқәа риагара, ауаа ахьеизо аҭыҧқәеи акультуратә усбарҭақәеи  рыркра), Бразилиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа ҷыдала  ргәы рҽанызарц,  аштат анапхгара ишьақәдыргылаз аҧҟарақәа ирықәныҟәаларц  ирыбжьанагоит.

Иаҭаххар,  иаҳа инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Ацәаҳәа ҷыдала: +55 61 3366 1101», — иануп аинформациаҿы.

Еиҿкаау ацәгьаура иаҿагыло ақәҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны аполициа имҩаҧыргаз аоперациа ҷыда аан  Рио-де-Жанеиро  60ҩык иреиҵамкәа ҭахеит. Бразилиа анапхгара рдыррақәа рыла,   56ҩык аанкылоуп.