Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы ацәаҳәа ҷыда аномер аланарҵәеит

Қырҭтәыла Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ирыцклаҧшуеит. Украинатәи ҳколлегацәеи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи  рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп, — иануп Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла, Украина аҭагылазаашьа иаҳа еицәахәар шыҟало иазҧхьагәаҭаны,  м Украина иҟоу Қырҭәтыла адипломатиатә миссиа аҭагылазаашьа ҷыда арежим ашҟа ииасит.

«Украина аҵакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла атәылауаа рзы ацәаҳәа ҷыда аус ауеит  +380 (63) 376 77 68; +380 (93) 761 17 17; (093) 544 01 47.  Иара убас,  Қырҭтәыла адипломатиатә харҭарнакрақәа Қырҭтәыла атәылауаа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.