Лаша Жваниа – Ацҳаражәҳәарҭаҿы Израиль иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыхәра иазкны адыррақәа ҳмоуӡацт
Лаша Жваниа – Ацҳаражәҳәарҭаҿы Израиль иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыхәра иазкны адыррақәа ҳмоуӡацт

«Абри аҩыза атерракт цәгьа атәылаҿы  иҟамлацызт. Иахьа шьыжьымҭан израильтәи ар 25ҩык рҭахара иазкны адырра аланарҵәеит, урҭ реиҳара  20 шықәсанӡа рхыҵуан.  Израильтәи аҳәынҭқарреи ауриа жәлари дара рҭоурыхаҿ  зегьы реиҳа ихьанҭоу аамҭа иҭагылоуп», — иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа.

Аҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, бџьартә аиҿагылараан Израиль иҟаз Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтәи аӡәгьы акгьы имыхьит.

«Уажәазы  250ҩык рҭахара иазкны иаарыцҳахьеит, израильтәи арбџьармчқәа макьана аҭыҧқәа зегьы изырхылаҧшуам.  Қырҭтәыла атәылауаа рыхәра иазкны адырра ҳмоуӡацт. Ҳара Израиль Атәылахьчара аминистрреи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, израильтәи аполициеи рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Израильтәи аҳаирбаҕәаза аус ауеит.  Иаха жәаҩыла ҳтәылауаа Израильнтә Қырҭтәылаҟа ихынҳәит.  Изымцаз ҳтәылауаа  ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп. Афестиваль аҽалархәразы иааиз ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп», — иҳәеит  Жвания.