Анџьеи Дуда  - Урыстәыла ахада  Украинаҿ  ахимиатә бџьар ихы иаирхәар,  НАТО аимак аҽаламгалара иазку аӡбара еиҭахәаҧшыр ауеит
Анџьеи Дуда  - Урыстәыла ахада  Украинаҿ  ахимиатә бџьар ихы иаирхәар,  НАТО аимак аҽаламгалара иазку аӡбара еиҭахәаҧшыр ауеит

Урыстәыла ахада  Украинаҿ  ахимиатә бџьар ихы иаирхәар,  НАТО аимак аҽаламгалара иазку аӡбара еиҭахәаҧшыр ауеит, – иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда  Би-би-си  аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла ахада Владимир Путин ахимиатә бџьар ихы иаирхәар ауеит, избанзар ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьа дҭагылоуп.

«Аполитикатә ганахьаала иара ари аибашьраҿ даҵахахьеит, арратә ганахьалагьы аиааира изгом», — иҳәеит  Дуда.

Ажурналистцәа иазҵааит Урыстәыла ахада ахимиатә бџьар ихы иаирхәар, НАТО ари аимак аҽаланагалома ҳәа. Иара абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳәарада, иара игәаҕьны уи ҟаимҵап ҳәа  ҳгәыҕуеит. Аха, амассатә анырҵәаратә бџьар ихы иаирхәар, аҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит. Ҳәарада, НАТО  алахәылацәа зегьы еидтәаланы, иҟарҵаша аӡбара рықәшәоит, избанзар, уи Европа мацара акәымкәа, адунеи зегьы азы шәарҭоуп», — иҳәеит Польша ахада.