Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак  - Қырҭтәылеи Украинеи  - Урыстәыла изқәылаз аешьаратә жәларқәоуп, ҳара, ҳаидгыланы мацароуп абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо
Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак  - Қырҭтәылеи Украинеи  - Урыстәыла изқәылаз аешьаратә жәларқәоуп, ҳара, ҳаидгыланы мацароуп абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо

«Ҳара Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрыдгылоит, уи европатәи абанкқәа ирывагыланы, урыстәылатәи абанкқәа асанкциақәа азышьақәнаргылеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә иҵегьы абри аҩыза ашьаҿақәа ҳрызҧшуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак  Андреи Касанов Қарҭ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи агрессиа амшала, уажәазы украинатәи ахҵәыцәа рхыҧхьаӡара ҩ-миллионҩык рҟынӡа ишьҭыҵит.

Андреи Касанов Қырҭтәыла аҭабура азааирҧшит агуманитартә цхырааразы. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит иахьа Қырҭтәылантә Eкраинаҟа ишдәықәҵаз 275 тонна агуманитартә цхыраара.

«Ҳара ибзиаҵәҟьны иаабоит ақырҭуа жәлар Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ишрыцклаҧшуа. Еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы Украинеи аукраин жәлари рыдгыларатә акциақәа мҩаҧысуеит.
Қырҭтәылеи Украинеи  – Урыстәыла изқәылаз аешьаратә жәларқәоуп, ҳара, ҳаидгыланы мацароуп абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо.  Убри азоуп сара шәызынтәгьы шәахь ааҧхьара зыҟасҵо Урыстәыла аварвартә агрессиа аанкыларазы ҳаидгыларц. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина! Ахьӡ-аҧша амазааит Қырҭтәыла! — Украинас гаумарџьос! Сакартвелос гаумарџьос! — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоуа Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак  Андреи Касанов.