Ентони Блинкен -  Америка Украина иазоунашьҭуа арратә цхыраара апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп иацҵаны аибашьыгақәеи атехникеи
Ентони Блинкен -  Америка Украина иазоунашьҭуа арратә цхыраара апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп иацҵаны аибашьыгақәеи атехникеи

Хәажәкыра 12 рзы Америка ахада Баиден аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен идиҵеит атәыла Ахыхьчара абиуџьет аҟынтә Украина иҵегьы  200 миллион ацхыраара азоушьҭра.

Америка Украина иазоунашьҭуа арратә цхыраара апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп иацҵаны аибашьыгақәеи атехникеи, иҩит Twitter аҿы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

«Уи Пентагон абиуџьет аҟынтә зеиҧшҟамлац аҧшьбатәи цхыраароуп.  2021 шықәса ажьырныҳәа инаркны Америка, Украина ашәарҭадаразы атәыла иазоунашьҭит  1,2 миллиард доллар еиҳаны», — иҩит Блинкер  Twitter аҿы.