Украина арбџьармчқәа рштаб – Баҳмут ақәҧара аепицентрс еиҭаҟалеит
Украина арбџьармчқәа рштаб – Баҳмут ақәҧара аепицентрс еиҭаҟалеит

Украина арбџьармчқәа рштаб хада адыррала , Баҳмут ақәҧара аепицентрс еиҭаҟалеит.

„Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ари ахырхарҭала 53 ақәҧаратә аиҿагыларақәа ҟалеит. Ақыҧара аепицентрс иаанхоит Баҳмути Мариинкеи“, – иануп Аштаб хада аҳәамҭаҿы.

Ишыжәдыруа еиҧш, хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  „Вагнер“ ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин иацы иҳәеит урыстәылатәи арбџьармчқәа Баҳмут ааныркылеит ҳәа. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ари атәы ааицҳаит Урыстәыла атәылахьчара аминистргьы.

Украина атәылахьчаратә усбарҭаҿы ишаарыцҳаз ала, аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, украинатәи аруаа обиектқәак ирхылаҧшуеит.

Украина арбџьармчқәа мрагыларатә напхгара аспикер Сергеи Череват иҳәамҭала, Пригожин, абри аҳәамҭала, ируаа излауа ала ирласны ақалақь алигар иҭахуп, избанзар агәыҧ   „Вагнер“ иқәхуп, иара иреиҕьу аибашьцәа ицәыӡит.