Украина аҳауатә мчқәа ишаарыцҳаз, Украина атәылахьчаратә мчқәа уахынла амҵәыжәҩақәа змоу 37 ракетеи аԥырҩы дызмам 29 аппарати ҭадырхеит
Украина аҳауатә мчқәа ишаарыцҳаз, Украина атәылахьчаратә мчқәа уахынла амҵәыжәҩақәа змоу 37 ракетеи аԥырҩы дызмам 29 аппарати ҭадырхеит

Украина атәылахьчаратә мчқәа уахынла амҵәыжәҩақәа змоу 37 ракетеи аԥырҩы дызмам 29 аппарати ҭадырхеит. Украина аҳауатә мчқәа ишаарыцҳаз, урыстәылтәи ар арратәобиектқәеи иконкрету аинфарструктуреи рхырхарҭала ажәылара мҩаԥыргеит. Каспиатәи амшын аҟны игылоу астратегиатә бомбагакажьга аҟынтә ишьҭын амҵәыжәҩақәа змоу 40 ракета.

Урыстәыла Украина аиланхарҭақәа абомбақәа ақәнажьит. Иаха аԥжәарақәа рыбжьы уаҳауан аҳҭнықалақь Голосевск араион аҿы. Украинатәи иахқәа ишаарыцҳаз, Киевтәи арегион аҟны аҳауатә тәылахьчаратә система рхы иадырхәит. Ҟиев ахада Витали Кличко идыррақәа рыла, азениттә системақәа урыстәылатәи аракетақәа рнеитрализациа рылшеит.

Даҽа ҩԥжәарак Киев, Подольски Свиатошенски араионқәа рҿы ҟалеит. Украинатәи аихқәа рдыррақәа рыла, аурысцәа Одесса ахырхарҭалагьы ажәылара мҩаԥыргеит. Иара убас, Сумтәи аобласт аҟны 50 рҟынӡа аԥжәарақәа ҟалеит.