Украина аҳаиртә мчқәа ишаарыцҳаз, аннексиа аҵаҟа иҟоу Ҟрым Белбектәи аҳаирбаӷәаза абомбақәа ақәрыжьит, урыстәылатәи аган адыррақәа рыла, Ҟрым ахырхарҭала ишьҭыз 20 ракета карыжьит
Украина аҳаиртә мчқәа ишаарыцҳаз, аннексиа аҵаҟа иҟоу Ҟрым Белбектәи аҳаирбаӷәаза абомбақәа ақәрыжьит, урыстәылатәи аган адыррақәа рыла, Ҟрым ахырхарҭала ишьҭыз 20 ракета карыжьит

Украина аҳаиртә мчқәа ишаарыцҳаз, аннексиа аҵаҟа иҟоу Ҟрым Белбектәи аҳаирбаӷәаза абомбақәа ақәрыжьит, – иаанацҳаит “Роитер” украинатәи аҳаиртә мчқәа реиҳабы Николаи Олешьук иҟнытә адырра ҵаҵӷәыс иаҭаны..

Олешьук украинатәи аруаа иҭабуп ҳәа раиҳәеит аоперациа анагӡаразы.

„Украинатәи авиаторцәа рхатә аеродром ашҟа хымԥада ихырнҳәуеит”, -иҩит Олешьук.

Урыстәылатәи аган адыррақәа рыла, Ҟрым ахырхарҭала ишьҭыз 20 ракета карыжьит. Урыстәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, аракетақәа рыԥҽыхақәа Белбектәи аеродром ааигәара каҳаит, аха авиациатә џьаԥҳаны аԥхасҭа амоуит.