Володимир Зеленски  -  Хара имгакәа Украинеи Польшеи аҳәаатәи ахазалтәи аицхылаҧшра иазку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит
Володимир Зеленски  -  Хара имгакәа Украинеи Польшеи аҳәаатәи ахазалтәи аицхылаҧшра иазку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит

Хара имгакәа Украинеи Польшеи аҳәаатәи ахазалтәи аицхылаҧшра иазку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит, анеҩс, Украина Евроеидгыла ианалалалак, азеиҧш аҳәаа иазку аиқәшаҳаҭра рыдыркылоит.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, ахада Зеленски ари атәы ааицҳаит Польша ахада Анџьеи Дудеи иареи Украина Иреиҳаӡоу Радаҿы ианықәгылоз.

Зеленски польшатәи Сеим алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи агрессиа амшала Польшаҟа ииасыз Украина атәылауаа рыцхраара иазку азакәан ахьрыдкылаз азыҳәан.

«Зеиҧшҟамлацыз аӡбара рыдыркылеит, уи абзоурала, урыстәылатәи агрессиа амшала Польшаҟа ииасыз ҳтәылауаа, Польша атәылауаа ирымоу азинқәеи алшарақәеи рымазаауеит», — иҳәеит  Зеленски.