Владимира Путин  Лужники иқәгылара урыстәылатәи ашәаҳәаҩ имузыкатә номерла аанкылан  [авидео]

Урыстәылатәи ателееилахәыреи  Youtube аканалқәеи рҿы Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва,   астадион  «Лужники» аҿы иқәгылара аанкылан,  атранлиациа инагӡеит урыстәылатәи ашәаҳәаҩ имузыкатә номерла.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь урыстәылатәи ажурналистцәа ишырҳәаз ала,  аинтернет иадҳәаланы атехникатә проблемак ҟалеит.

Урыстәылатәи агентрақәа рдыррақәа рыла,  астадион  «Лужники» аҿы имҩаҧган «Қрым Урыстәыла адлара» инаркны 8 шықәса аҵра иазкыз аконцерт.

Ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылеит урыстәылатәи актиорцәеи,  ашәаҳәаҩцәеи,  аспортсменцәеи.