Олаф Шольци Владимир Путини аҭелтә еиҿцәажәараан Украина имҩаҧысуа аибашьра иалацәажәеит
Олаф Шольци Владимир Путини аҭелтә еиҿцәажәараан Украина имҩаҧысуа аибашьра иалацәажәеит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольци Урыстәыла ахада  Владимир Путини  Украина имҩаҧысуа аибашьреи, агазмҩангага  «Аҩадатәи поток-2»-и, аглобалтә афатәаалыҵтә шәарҭадареи иалацәажәеит.

Германтәыла аиҳабыреи Кремли ринформациала, ҩ-тәылак рлидерцәа ҭелла еиҿцәажәеит.

Германтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура адыррала, Олаф Шольц Владимир Путин иахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина аҵакырадгьылынтә арбџьармчқәа алганы, адипломатиатә мҩала аимак аҭыҧ иқәиҵарц.

Олаф Шольц украинатәи атәылауаҩратә инфраструктура ажәылара афактқәа дрықәыӡбан, ишиҳәаз ала, Германтәыла Украина иацхраауеит ахыхьчаралшара аиқәыршәараҿы.

Путин Шольц ишиеиҳәаз ала, мрҭашәаратә тәылақәа Украина анапхгара абџьар анрырҭо, украинатәи аруаа ианазыҟарҵо адеструктивтә роль нарыгӡоит.

Путин иажәақәа рыла, Украина иаиуа аполитикатәи афинанстәи цхыраара амшала, украинаа аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара рҭахым.

Алидерцәа аглобалтә афатәаалыҵтә шәарҭадарагьы иазааҭгыланы, аимадаразы еиқәшаҳаҭхеит.