Олаф Шольц – Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиатә еибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахар ауеит, ҳара уи ҳазыхиазароуп
Олаф Шольц – Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиатә еибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахар ауеит, ҳара уи ҳазыхиазароуп

 

«Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиатә еибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахар ауеит, ҳара уи ҳазыхиазароуп», — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги иареи Берлин имҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Шольц иҳәамҭала, Германтәыла ари аибашьра иҵегьы акыраамҭа анагӡара ашәарҭаразы аҽазыҟаҵара иаҿуп,  убри инақәырәшаны, ахатә политикатә хырхарҭа  ҳәаақәырҵоит.

«НАТО — ахыхьчаратә алиансуп. Германтәыла Алианс ахыхьчаралшара аизырҳаразы иҟанаҵаз рацәоуп. Ҳара НАТО аҵакырадгьыл асантиметр цыҧхьаӡа ҳахьчароуп», — иҳәеит  Шольц.