Олаф Шольц  Владимир Путин алхрақәа рылҵшәақәа идныҳәалара игәы иҭам
Олаф Шольц  Владимир Путин алхрақәа рылҵшәақәа идныҳәалара игәы иҭам

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Урыстәыла ахада   Владимир Путин алхрақәа рҿы аиааира идныҳәалара игәы иҭам, избанзар, Берлин ргәы ишаанаго ала, Урыстәыла имҩаҧгаз алхрақәа ииашамызт, адемократиатә  принципқәа ирышьашәаламызт.

Германтәыла аиҳабыра рофициалтә хаҭарнак ихаҭыҧуаҩ  Кристиане Хоффман лҳәамҭала, алхрақәа рылҵшәақәа заанаҵы идырын.

Уаанӡа атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анналена Бербок  ишылҳәаз ала, Урыстәыла имҩаҧгаз алхрақәа раан ауаа рхы иақәиҭны алхра ҟарҵаратәы алшара рымамызт.