Олаф Шольц - Германтәылеи, Франциеи, Италиеи рлидерцәа Киевҟа рвизит Украинеи уи ауааҧсыреи рыдгылареи рыцхраареи аанарҧшуеит
Олаф Шольц - Германтәылеи, Франциеи, Италиеи рлидерцәа Киевҟа рвизит Украинеи уи ауааҧсыреи рыдгылареи рыцхраареи аанарҧшуеит

Германтәылеи, Франциеи, Италиеи рлидерцәа Киевҟа рвизит Украинеи уи ауааҧсыреи рыдгылареи рыцхраареи аанарҧшуеит. Германтәыла аканцлер Олаф Шольц ари атәымҭа ҟаиҵеит Киевҟа ддәықәлаанӡа аҭыжьымҭа  «Bild» иеиҭаз аинтервиу аҿы.

«Ҳара даҽазнык ааҳарҧшыр ҳҭахуп Украина адгылареи, афинанстәи агәманитартәи ганахьаала ацхраареи, бџьарла аиқәыршәареи шынаҳагӡо», – иҳәеит аканцлер.

Иара иажәақәа рыла,  Украина  ахатә хьыҧшымра азықәҧонаҵы, Европа ари атәыла иацхраауеит.

Германтәыла алидер асанкциақәа рҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, асанкциақәа хымҩада инагӡатәуп Урыстәыла ари аоперациа аанкыланы, ахатә бџьармчқәа Украинантә алнагарц азыҳәан.