Олаф Шольц – Егьырҭ ираҳҳәаз наҳагӡароуп, уи аҵакы ду амоуп, Мраҭашәаратә Балканқәеи, иара убас, Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи роуп сызлацәажәо
Олаф Шольц – Егьырҭ ираҳҳәаз наҳагӡароуп, уи аҵакы ду амоуп, Мраҭашәаратә Балканқәеи, иара убас, Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи роуп сызлацәажәо

Егьырҭ ираҳҳәаз наҳагӡароуп, уи аҵакы ду амоуп,  рпартниорцәа ҳауп ҳәа раҳҳәеит, Мраҭашәаратә Балканқәеи, иара убас, Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи роуп сызлацәажәо», — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Германтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, арҭ атәылақәа европатәи аҭаацәара иалаларц азыҳәан ацхыраара рыҭатәуп.

Иара убас, Олаф Шольц  Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьрагьы далацәажәеит.

«Европа аҵакырадгьылаҿ амч ахархәарала аҳәаақәа рыҧсахра уаҳа иҟамлароуп, урыстәылатәи алидер Украина иаҿагылоу агрессиала абри аиқәшаҳаҭра иҧсахырц иӡбеит,  даҽа тәылак дабашьны, ихатә аҵакырадгьылны иҟаиҵарц иҽазикит. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, аполитика аҧсахра аҽазкра иахәҭоу ақәҿыҭра аҳҭароуп», — иҳәеит  Олаф Шольц.