Олаф Шольц – Аҵара бзиа змоу амигрантцәа мацара роуп Германтәыла зквалификациа ҳараку акадрқәа рдефицит хазырҭәаар зылшо
Олаф Шольц – Аҵара бзиа змоу амигрантцәа мацара роуп Германтәыла зквалификациа ҳараку акадрқәа рдефицит хазырҭәаар зылшо

Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц  Бундестаг данықәгылоз,  зквалификациа ҳараку аммиграциатә аусуратә мчы иазку азакәан ақәныҟәаразы ааҧхьара ҟаиҵеит. Иара ишиҳәаз ала,  ари азакәан хымҧада ихьчазароуп «Қырҭтәылантә иаауа амедиеҳәшьа ма Индиантә  иаауа  IT-аспециалис иакымкәа амзақәа ирылагӡаны авиза ма аусуразы азин азыҧшра рықәымшәарц азыҳәан».

Сынтәа рашәарамзазы ирыдыркылаз азакәан амч аиуроуп  2024 шықәса хәажәкыразы. Азакәан ала иазҧхьагәаҭоуп зквалификациа ҳараку акадрқәа Германтәылаҟа риммиграциа апродедура армариара.

Олаф Шольц иҳәамҭала,    Германтәыла аусурҭа зауз  13 миллионҩык ауааҧсыра  2035  шықәса анҵәамҭанӡа атәанчара ицоит, аилахәырақәа рацәа аусуратә мчы амаҷхара амшала апроблемақәа рызцәырҵуеит.

«Сара аҳәара ҟасҵоит  зквалификациа ҳараку аусуратә мчы аммиграциа иазкны иҳадаҳкылаз азакәан Германтәыла зехьынџьара ахархәара амазарц,  Қырҭтәылантә иаауа амедиеҳәшьа ма Индиантә  иаауа  IT-аспециалис иакымкәа амзақәа ирылагӡаны авиза ма аусуразы азин азыҧшра рықәымшәарц азыҳәан», — иҳәеит  Олаф Шольц.