Путин уахыки-ҽнаки аҩныҵҟала Украина амца аанкыларазы адҵа ҟаиҵеит
Путин уахыки-ҽнаки аҩныҵҟала Украина амца аанкыларазы адҵа ҟаиҵеит

Урыстәыла  ахада Владимир Путин уахыки-ҽнаки аҩныҵҟала Украина амца аанкыларазы адҵа ҟаиҵеит.

Аурыс медиа адыррала,  амца аанкылара арежим иалагоит ажьырныҳәа 6 рзы, москватәи аамҭала асааҭ  12:00 рзы, ари арежим нагӡахоит ажьырныҳәа  7 асааҭ  24:00-нӡа.

Уаанӡа,  Урыстәыла Апатриарх Кирилл ааҧхьара ҟаиҵеит Украинаҟны  «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәаразы,  «аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы Қьырса аныҳәамш азы аныхабаашҟа анеира рылшарц азыҳәан». Аха, Украина ахада иофис абжьагаҩ Михаил Подолиак ишиҳәаз ала,   «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәара иазкны аурыс патриарх иҟаиҵаз ааҧхьара  — «ацәгьахыҧхамшьаратә ашьацҳәоуп».