Владимир Путин   Минск даҭааит
Владимир Путин   Минск даҭааит

Хшықәсатәи ааҭгылара ашьҭахь, Урыстәыла ахада  Владимир Путин  Беларусь аҳҭнықалақь даҭааит, уаҟа атәыла ахада Алеқсандр Лукашенко диҧылеит.

Алеқсандр Лукашенко ишиҳәаз ала, аиҧылараан астратегиатә зҵаарақәа ирылацәажәоит, раҧхьа иргыланы,  аекономикатә усхкы   иадҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас, иара ишазгәеиҭаз ала, хымҧада иазааҭгылоит Урыстәылеи Беларуси рыкәша-мыкәша иҟоу арра-политикатә ҭагылазаашьагьы.

Иахьа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иаланарҵәеит Беларусь аҵакырадгьылаҿ имҩаҧысуа урыстәылатәи арратә азыҟаҵарақәа ркадрқәа.