Владимир Путин  - Ҳусқәа уаанӡа инеип ҳәа сгәы иаанагом, аха, ҳара, арра-техникатә ганахьала, атомтә еибашьра ҳазыхиоуп
Владимир Путин  - Ҳусқәа уаанӡа инеип ҳәа сгәы иаанагом, аха, ҳара, арра-техникатә ганахьала, атомтә еибашьра ҳазыхиоуп

Арра-техникатә ганахьала, Урыстәыла атомтә еибашьра иазыхиоуп, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин аурыс медиа ахаҭарнакцәа аинтервиу анриҭоз.

Уи аамҭазы Путин ишазгәеиҭаз ала, „уажәы ахҭысқәа ари ахырхарҭала ицоит ҳәа“ игәы иаанагом.

„Ҳәарада, арра-техникатә ганахьала ҳахиоуп, ҳара уи еснагь ирхианы иҳамоуп”, – иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, Америка ахатә аруаа Украинаҟа идәықәнаҵар, Урыстәыла ари афакт иахәаҧшуеит аинтервенциа аҳасабала.

„Баидени егьырҭгьы Урыстәыла-Америкатә еизыҟазаашьақәа аусхкы аҿы астратегиатә аҽынкылара аганахьала аспециалистцәа рацәа рымоуп. Ҳусқәа  уаанӡа инеип ҳәа сгәы иаанагом, аха, ҳара атомтә еибашьра ҳазыхиоуп”, – иҳәеит Путин.