Владимир Путин  - Шәамахьтәыла анапхгара ҟарабахтәи апроблема аҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп
Владимир Путин  - Шәамахьтәыла анапхгара ҟарабахтәи апроблема аҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп

Шәамахьтәыла анапхгара ҟарабахтәи апроблема аҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан даниҧылоз.

„Ари аимак кыршықәса рыҩныҵҟа инагӡоит, уи аҭыҧ иқәҵатәуп. Шәара уи азы аполитикатә ҭаххара шшәымоу здыруеит. Ҳара уи ҳадгылоит. Аӡбара адкыларазы иашьашәалоу аамҭа  ҧшаатәуп, уи ҧхьаҟацара алшара ҳнаҭоит“, – иҳәеит Путин.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Урыстәыла, иаартны ахатә позициа аанарҧшыроуп Шәамахьтәыла аҵакырадгьыл иажәылаз азербаиџьантәи ар алгара иадҳәаланы.

„Урыстәыла абри аҩыза апозициа аман – аделимитациа иазку акомиссиа аиҿкаара аҳәааҿы ашәарҭадара  еиқәнаршәар акәын. Ҳара ари апозициа ҳақәшаҳаҭымызт, аха, аҵыхәтәаны, ҳстратегиатә партниор – Урыстәыла аинтерпретациа ҳадаҳкыларц ҳаӡбеит. Аха, уезгьы, цәыббра 13 рзы, азербаиџьантәи аган, Шәамахьтәыла ахырхарҭала ажәылара иалаган, иҵегьы ҳҵакырадгьылқәа импыҵахаланы иргеит.  Убри аҟынтә, иахьа Урыстәыла, еилыккаа ахатә позициа аанарҧшыроуп ҳҵакырадгьыл аҟынтәи азербаиџьантәи ар 2021 шықәса лаҵара 11-тәи апозициақәа рахь алгара иазкны“, – иҳәеит Ҧашиниан.

Владимип Путини Никол Ҧашиниани Шәача еиҧылеит. Уаха Шәамахьтәылеи,  Азербаиџьани,  Урыстәылеи рлидерцәа еиҧылараны иҟоуп.

Аиҧылара мҩаҧысуеит Кремль аинициативала.