Владимир  Зеленскии  Реџьеп  Таип Ердоҕани ҭелла еиҿцәажәеит
Владимир  Зеленскии  Реџьеп  Таип Ердоҕани ҭелла еиҿцәажәеит

Владимир  Зеленскии  Реџьеп  Таип Ердоҕани ҭелла еиҿцәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина ашәарҭадара агарантиақәеи,  Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа реиҭалагареи,  ахәрақәа зауз аруааи аҭынчуааи  Мариуполь аҟынтә ревакуациеи иалацәажәеит. Ари аинформациа аладырҵәеит ҭырқәтәылатәи АИХ.

Аҭырқәа лидер ишазгәеиҭаз ала, аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит,  Мариуполь аҟынтә ауаа алгатәуп.

Ердоҕан иҳәамҭала,  аҭырқәа аган аиҿцәажәаратә процесс ацхраареи абжьацәажәареи иазыхиоуп. Иара ишазгәеиҭаз ала,  Украина ашәарҭадаразы ахәдықәҵаҩс аҟалара дақәшаҳаҭуп.

Владимир Зеленски Ердоҕани иареи реиҿцәажәара иазкны «Твиттер» аҿы иҩит.

«Ҳаиҿцәажәара аҵакы ду аман. Хара имгакәа Ердоҕан Путин диацәажәараны дыҟоуп,  убри аҟынтә,  Мариуполь аҟынтә ауаа ралгара азҵаара иқәсыргылеит. Аиҿцәажәаратә процессгьы ҳалацәажәеит. Ҷыдала ҳарзааҭгылеит Украина ашәарҭадаразы иҟалар зылшо агарантиақәа», — иҩит Зеленски.