Владимир Зеленски – Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа макьана изыҟалом
Владимир Зеленски – Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа макьана изыҟалом

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала,  Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа макьана изыҟалом. Украина ахада иадминистрациа адыррала,  Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  «Иалтатәи европатәи астратегиа» 17-тәи афорум аҿы.

«Аибашьра ахыркәшара ҳҭахуп,  аха,  ақәыҧшылареи алшарақәеи рҽырыҧсахит. Ажәлар атеррористцәа ирацәажәар рҭахым. Аха,  атеррористцәагьы рацәажәара ҟалоит,  избанзар,  дара ирҭаху рдыруеит», — иҳәеит  Зеленски.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи аган ирҳәо нарыгӡап ҳәа изакәызаалак гарантиак иҟам.

«Ҳара ҳабжьара адипломатиатә корридор ааҳартырцаз, дара аполитикатә ҭаххара аадырҧшыроуп, дара иртәым адгьыл архынҳәра шырҭаху рҳәароуп. Убасҟан ауп адипломатиатә шьаҿақәа  рылацәажәара аныҟало», – иҳәеит Зеленски.