Владимир Зеленски - Украина "Азовсталь" аҟынтә ауаа ралгаразы аиҿцәажәарақәа нанагӡоит, аха, уи азыҳәан аҭынчра арежим аҭахуп
Владимир Зеленски - Украина "Азовсталь" аҟынтә ауаа ралгаразы аиҿцәажәарақәа нанагӡоит, аха, уи азыҳәан аҭынчра арежим аҭахуп

«Украина “Азовсталь” аҟынтә ауаа ралгаразы аиҿцәажәарақәа нанагӡоит, аха, уи азыҳәан аҭынчра арежим аҭахуп. Украина ари арежим аиқәыршәара иазыхиоуп», — иҳәеит Украина ахада  Владимир Зеленски.

«Аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит, ауаа реиқәырхара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит. Аха, уи азыҳәан аҭынчра арежим аҭахуп. Украинатәи аган ари арежим аиқәыршәара иазыхиоуп.  Ауаа аподвалқәа рҟынтә рхагаларазы аамҭа аҭахуп. Атехника ахархәара ҳалшом, напыла ихагалатәуп. Аха, агәра ганы ҳаҟоуп ҳара уи шҳалшо», — иҳәеит  Владимир Зеленский.