Владимир Зеленски – Владимир Путин иҟны аиҧылара аиҿкаара иадҳәаланы  Урыстәыла  аган аҟынтә апрогресс иҟоуп  
Владимир Зеленски – Владимир Путин иҟны аиҧылара аиҿкаара иадҳәаланы  Урыстәыла  аган аҟынтә апрогресс иҟоуп  

Украина ахада Владимир Зеленски ишиҳәаз ала,    Владимир Путин иҟны аиҧылара аиҿкаара иадҳәаланы  Урыстәыла  аган аҟынтә апрогресс иҟоуп.

Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.

Зеленский иажәақәа рыла, аибашьра аҟәыҵра азҵаара алацәажәара иалагароуп алидерцәа реиҧылара ала,  Украина еснагь ари азҵаара иқәнаргылоит.

«Алидерцәа реиҧыларазы амш аусхәаҧштә аҭахуп. Ҳара еснагь ари азҵаара иқәҳаргылон,  уажәшьҭа даргьы уи азы иҳацәажәо иалагеит. Уи ҧхьаҟа ицо шьаҿоуп», — иҳәеит  Владимир Зеленски.