Владимир Зеленски – Сара абжьацәажәаҩцәа рыда Путин иацәажәара сазыхиоуп, аха, аультиматумқәа рыла акәымкәа, адиалог аформат аҿы
Владимир Зеленски – Сара абжьацәажәаҩцәа рыда Путин иацәажәара сазыхиоуп, аха, аультиматумқәа рыла акәымкәа, адиалог аформат аҿы

«Сара абжьацәажәаҩцәа рыда Путин иацәажәара сазыхиоуп, аха, аультиматумқәа рыла акәымкәа, адиалог аформат аҿы», — иҳәеит Украина ахада  Владимир Зеленски италиатәи АИХ аинтервиу анриҭоз.

Зеленский ишиҳәаз ала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рызҵаара есымша иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит.

«Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рызҵаара есымша иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит.  Сара абас сгәы иаанагоит, избанзар есымша ақалақь хәыҷқәа рхақәиҭтәра ҳаҿуп,  ауаа рыргәаҟреи гәымбылџьбарала рышьреи афактқәа ааҳарҧшуеит. Убри азоуп аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азҵаара есымша иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит ҳәа зысҳәо. Сара, атәыла ахада иаҳасабала, Путин иацәажәара сазыхиоуп, аха, иара имацара сиацәажәоит, абжьацәажәаҩцәа рыда, аультиматумқәа рыла акәымкәа, адиалог аформат аҿы», — иҳәеит  Зеленски.