Владимир Зеленски - Кыршықәса ҵуеит Нато иаарту ашәқәа рыӡбахә ҳаҳауеижьҭеи, аха еилаҳкааит, аҩналара шҳалымшо
Кыршықәса ҵуеит Нато иаарту ашәқәа рыӡбахә ҳаҳауеижьҭеи, аха еилаҳкааит, аҩналара шҳалымшо, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски европатәи алидерцәа данырԥылоз.
Украина ахада иажәақәа рыла, уажәы Украина атәылауаа Нато акәым, жәларбжьаратәи рпартниорцәа рыдгылара агәыӷра рымоуп.
Зеленски ишааицҳаз, Урыстәыла аҳәаа иазааигәоу егьырҭ атәылақәа Нато анҭыҵ “зхы иақәиҭу атәылахьчара алшарақәа” ирызхәыҵроуп.